Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы иҟалоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Храм Святого Георгия Победоносца в селе Илор
Храм Святого Георгия Победоносца в селе Илор - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2023
Анапаҵаҩра
Анцәа Иӡаахра ма Анцәаицәырҵра есышықәса ажьырныҳәа 19 рзы иазгәарҭоит аиашахаҵаратә қьырсианцәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы иҟалоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион Аԥлиаа.
Иара иазгәеиҭеит Анцәаимҵаныҳәарақәа ауахәамақәа рҿы џьара ажьырныҳәа 18 ауха ишыҟало, ҽаџьара - ажьырныҳәа 19 рзы.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0