Аҟыбаҩ ҷыда злоу апоет: Аслан Бжьаниеи Мушьни Лашәриеи еиԥылеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса зхыҵыз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Sputnik
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса ихыҵит.
Аԥсны ахадеи Жәлар рпоети адунеитә литературеи, аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиареи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ҳамҭас ииҭеит Аԥсны Абанк иҭнажьыз аԥараҿырԥқәа.