Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрраҟны еиҭарҳәеит Аԥсны аимҳәазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ илымоу адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын агәазынӡа аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь инаргон мышкала 120-ҩык рҟынӡа, ахәыҷтәы хәшәтәырҭахь – 90-ҩык рҟынӡа, ашықәс ҿыц аламҭалазы арбага ҩынтәны еиҵахеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рышьҭахь Аԥсны еиҭахгьы аимҳәачымазара аҽышьҭнахуа иалагеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны ОРВИ агәыԥқәа ирыҵанакуа авирусқәа алаҵәоуп, иара убасгьы иҟоуп акоронавирус зышьақәырӷәӷәоу апациентцәа.
Арадио
Воуԥҳа еиҭалҳәеит, аинфекциатә хәшәтәырҭа хәшәылеи афымцалашаралеи иахьынӡеиқәшәоу атәы
"Агәабзиарахьчара аминистрра иналкааны ОРВИи аимҳәеи азхьаԥшра рырҭоит, избанзар, урҭ аԥыжәара аадырԥшуеит. Анцәа иџьшьаны, ҭагалан иаагаз алаҵа х-нызқьҩык рҟынӡа иҟарҵеит, уи акраҵанакуеит. Ҳаигәырӷьоит ҳтәылауаа алаҵа агәра ахьыргаз, избанзар аимҳәа адунеитә гәабзиарахьчараҿы иналукааша проблемоуп", - лҳәеит лара.
Матуаԥҳа илҳәеит изаамҭанытәиу ацхыраара аиуразы хымш инареиҳаны ашора змоу апациентцәа амедусҳәарҭақәа рахь идҵаалар шакәу.
Аҟазауаҩ иазгәалҭеит, аимҳәа аҽацәыхьчаразы ауаа рацәа ахьеизо умнеироуп ҳәа, иара убас асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәалатәуп. Матуаԥҳа лажәақәа рыла, алаҵа - зыԥхьагәаҭароуп, ихәшәӡам.