Аԥсны

Гәдоуҭа ақалақь агәаны Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп

Гәдоуҭа араион анапхгара 500 000 мааҭ рыхә апальмақәа аархәеит. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи анаплакҩцәа гәазыҟаҵарак аҳасаб ала ақалақь иарҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп Гәдоуҭа ақалақь агәаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
"Аусурақәа ирылагоуп. Апальмақәа еиҭаҳахоит афырхацәа рымҩаду аҿы, аҵлақәа Ҭырқәтәылантәи иаагоуп". - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩӡба иажәақәа рыла, иара убасгьы иазгәаҭоуп ареспубликатә мҩаду, уаанӡатәи асовхоз "Дружба" иахьаҵанакуа реиҭаҳара.
Араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа ишиҳәо ала ақалақь агәаҿы аиҳарак еиҭаҳау аԥшандага ԥшра змоу апальмақәа роуп, урҭ раасҭа вашингтониа акыр еиҳауп, иагьыԥшӡоуп.
Вашингтониа 3-4 метра еизҳауеит. Абыӷьқәа еиҳа иҭбаауп, ашьапқәагьы еиҳа ишәпоуп. Аусурақәа мҩаԥнагоит АУН "Гәдоуҭа араион анхарҭа-коммуналтә нхамҩа".