https://sputnik-abkhazia.info/20230118/gdoua-aala-agany-vashingtonia-akhky-iaanakua-apalmaa-eiararany-ioup---1043673296.html
Гәдоуҭа ақалақь агәаны Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп
Гәдоуҭа ақалақь агәаны Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион анапхгара 500 000 мааҭ рыхә апальмақәа аархәеит. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи анаплакҩцәа гәазыҟаҵарак аҳасаб ала ақалақь иарҭеит. 18.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-18T10:30+0300
2023-01-18T10:30+0300
2023-01-18T10:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102064/93/1020649382_0:166:3049:1881_1920x0_80_0_0_c4e8da4a995ef990efa293b23b8b303c.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп Гәдоуҭа ақалақь агәаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба. Аҩӡба иажәақәа рыла, иара убасгьы иазгәаҭоуп ареспубликатә мҩаду, уаанӡатәи асовхоз "Дружба" иахьаҵанакуа реиҭаҳара. Араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа ишиҳәо ала ақалақь агәаҿы аиҳарак еиҭаҳау аԥшандага ԥшра змоу апальмақәа роуп, урҭ раасҭа вашингтониа акыр еиҳауп, иагьыԥшӡоуп. Вашингтониа 3-4 метра еизҳауеит. Абыӷьқәа еиҳа иҭбаауп, ашьапқәагьы еиҳа ишәпоуп. Аусурақәа мҩаԥнагоит АУН "Гәдоуҭа араион анхарҭа-коммуналтә нхамҩа".
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102064/93/1020649382_160:0:2889:2047_1920x0_80_0_0_17b7d57c8c1db7c2bee4ba233e05801d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
Гәдоуҭа ақалақь агәаны Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп
10:30 18.01.2023 (ирҿыцуп: 10:32 18.01.2023) Гәдоуҭа араион анапхгара 500 000 мааҭ рыхә апальмақәа аархәеит. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи анаплакҩцәа гәазыҟаҵарак аҳасаб ала ақалақь иарҭеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Вашингтониа ахкы иаҵанакуа апальмақәа еиҭарҳараны иҟоуп Гәдоуҭа ақалақь агәаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
"Аусурақәа ирылагоуп. Апальмақәа еиҭаҳахоит афырхацәа рымҩаду аҿы, аҵлақәа Ҭырқәтәылантәи иаагоуп". - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩӡба иажәақәа рыла, иара убасгьы иазгәаҭоуп ареспубликатә мҩаду, уаанӡатәи асовхоз "Дружба" иахьаҵанакуа реиҭаҳара.
Араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа ишиҳәо ала ақалақь агәаҿы аиҳарак еиҭаҳау аԥшандага ԥшра змоу апальмақәа роуп, урҭ раасҭа вашингтониа акыр еиҳауп, иагьыԥшӡоуп.
Вашингтониа 3-4 метра еизҳауеит. Абыӷьқәа еиҳа иҭбаауп, ашьапқәагьы еиҳа ишәпоуп. Аусурақәа мҩаԥнагоит АУН "Гәдоуҭа араион анхарҭа-коммуналтә нхамҩа".