АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагахарц аҽазнашәоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров есышықәсатәи апресс-конференциаҿ.
Иара иҳәеит Урыстәыла шадгылаҩу Қырҭтәылеи, Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара адиалог, уи азы ишыҟоу алшарақәа.
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәу Мраҭашәаратәи аганқәа –Евроеидгыла, ООН, ОБСЕ, ЕАА, - ари аиҿцәажәарақәа рформатгьы Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа иадырҳәаларц рҽазыршәоит. Сара ари иашоуп ҳәа сзахҳәаауам. Ари иаанаго регионк аҿы рҭахрақәа рполитикатә гәынхарақәа ирыдырҳәалоит ауп", - иҳәеит Лавров.
Жәымз иаанкыланы иҟаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы.
ООН, ОБСЕ, ЕС рыҟынтәи ацхантәаҩцәа ирыӡбеит арҭ аиҿцәажәарақәа 2023 шықәса жәабранмзанӡа аамҭала рыҿҳәара инахарц.