https://sputnik-abkhazia.info/20230118/lavrov-mraashara-asni-yrtylei-aakhy-uastylei-reitsazhara-iayrkhagoup-1043679250.html
Лавров: Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагоуп
Лавров: Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагоуп
Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Урҭ рыцхантәаҩцәас иҟоуп ООН, ЕС, ОБСЕ... 18.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-18T14:30+0300
2023-01-18T14:30+0300
2023-01-18T14:42+0300
ажәабжьқәа
сергеи лавров
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/1e/1032741303_22:0:3663:2048_1920x0_80_0_0_15ad4e4e37627243acd5dfc149d88a0c.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагахарц аҽазнашәоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров есышықәсатәи апресс-конференциаҿ. Иара иҳәеит Урыстәыла шадгылаҩу Қырҭтәылеи, Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара адиалог, уи азы ишыҟоу алшарақәа. Жәымз иаанкыланы иҟаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы. ООН, ОБСЕ, ЕС рыҟынтәи ацхантәаҩцәа ирыӡбеит арҭ аиҿцәажәарақәа 2023 шықәса жәабранмзанӡа аамҭала рыҿҳәара инахарц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/1e/1032741303_479:0:3210:2048_1920x0_80_0_0_6943e745adc956085aecf9871cddd5b0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, сергеи лавров
ажәабжьқәа, сергеи лавров
Лавров: Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагоуп
14:30 18.01.2023 (ирҿыцуп: 14:42 18.01.2023) Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Урҭ рыцхантәаҩцәас иҟоуп ООН, ЕС, ОБСЕ, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи алахәны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Мраҭашәара Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцәажәара иаԥырхагахарц аҽазнашәоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров есышықәсатәи апресс-конференциаҿ.
Иара иҳәеит Урыстәыла шадгылаҩу Қырҭтәылеи, Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара адиалог, уи азы ишыҟоу алшарақәа.
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәу Мраҭашәаратәи аганқәа –Евроеидгыла, ООН, ОБСЕ, ЕАА, - ари аиҿцәажәарақәа рформатгьы Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа иадырҳәаларц рҽазыршәоит. Сара ари иашоуп ҳәа сзахҳәаауам. Ари иаанаго регионк аҿы рҭахрақәа рполитикатә гәынхарақәа ирыдырҳәалоит ауп", - иҳәеит Лавров.
Жәымз иаанкыланы иҟаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы.
ООН, ОБСЕ, ЕС рыҟынтәи ацхантәаҩцәа ирыӡбеит арҭ аиҿцәажәарақәа 2023 шықәса жәабранмзанӡа аамҭала рыҿҳәара инахарц.