Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит арра инарыԥхьо рмедицинатә ҭҵааразы апрограмма

Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә 450 000 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит арра инарыԥхьо рмедицинатә ҭҵааразы 2023 шықәсазтәи апрограмма.
Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла апрограмма арра инарыԥхьо аҿар изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭарақәа рахыжьра иацхраауеит, згәамбзиарала арра заҵаркра алымшо рхыԥхьаӡара еиҵанатәуеит.
Апрограмма хықәкыс хадас иамоуп, Аԥсны Арбџьармчқәа излалшо ала згәы бзиоу, зыԥсихикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоу аҿар рыла реиҿкаара.
Ахықәкы анагӡара иацхраауеит:
заанаҵы аҿар ргәабзиаратәи рыԥсихикатәи ҭагылазаашьа аарԥшра;
арԥарцәа амедицинатә хылаԥшра рыҭареи ахәшәтәра-профилактикатәи арзҩыдаратәи уснагӡатәқәа комплексла рзымҩаԥгареи;
аҿар ргәабзиареи рыԥсихикатә ҭагылазаашьеи аарԥшраз аҵаратә усҳәарҭақәа рҭагылазаашьақәеи рыбзазареи рыҭҵаара.
Апрограмматә уснагӡатәқәа иазԥхьагәарҭоит 14-16 шықәса зхыҵуа арԥарацәа рзы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, иара убасгьы арратә шәҟәҭаҩраани арратә маҵзура ахысраани агәаҭарақәа рымҩаԥгара.
Аԥсны
Аԥсны амедусҳәарҭақәа рзы ахәшәқәа раахәараз апрограмма шьақәырӷәӷәоуп