Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны амедусҳәарҭақәа рзы ахәшәқәа раахәараз апрограмма шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСеть аптек "Самсон-фарма"
Сеть аптек Самсон-фарма - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Анапаҵаҩра
Апрограмма нагӡахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә, иазоужьхоит 150 миллион мааҭ.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәдырӷәӷәеит 2023 шықәсазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра амедицинатә усҳәарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәара" апрограмма.
Апрограмма нагӡахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтә, иазоужьхоит 150 миллион мааҭ. Аԥсны амедусҳәарҭақәа рзы иаахәахоит:
40 миллион мааҭ рыхә ахәшәқәа;
миллион мааҭ рыхә ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи аневрологиатә ҟазшьа змоу ахәыҷчымазцәа рзы (ДЦП, алаԥсра у.у.е..);
миллион мааҭ рыхә зцәа зтәым аҳәса рзы ахәшәқәа (антикоагулиантқәа, арезусҿагыларатә иммуноглобулин);
38,5 миллион мааҭ рыхә амедицинатә хархәагақәа (амедмаҭәахәқәа, аппаратқәа, амаругақәа, амедицина-ныхратә материал у.у.е.);
2 миллион мааҭ рыхә алабораториатә реагентқәеи алабараториатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгараз аныхратә материалқәеи;
2 миллион мааҭ рыхә амикробилогиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгараз ареагентқәеи аныхратә материалқәеи;
2 миллион мааҭ рыхә алабораториахимиатә реагентқәа;
миллион мааҭ рыхә алаҵақәа аепидемиологиатә рбагақәа рыла, аимҳәазы алаҵагьы налаҵаны;
20 миллион мааҭ рыхә ахԥатәи ацәаҳәа иаҵанакуа акьыбачымазара змоу ахимиотерапиа рахыжьразы ахәшәқәа.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны араионтә хәшәтәырҭақәа ироуеит:
ашьақарчымазара змоу рзы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи (аинсулин, ашьақаргәаҭагақәа, аинсулинтә помпақәеи урҭ рзы аныхратә материалқәеи) 15 миллион мааҭ рыхә;
аневрологиатә чымазара змоу ахәыҷқәа (ДЦП, алаԥсра у.у.е..) рзы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи миллион мааҭ рыхә;
миллион мааҭ рыхә зцәа зтәым аҳәса рзы ахәшәқәа (антикоагулянтқәа, арезусҿагыларатә иммуноглобулин);
1,5 миллион мааҭ рыхә аҿкчымазара рыманы акурорт сезон аан ахәшәтәырҭахь инанагаз апациентцәа рыхәшәтәразы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи.
миллион мааҭ рыхә алаҵақәа аепидемиологиатә рбагақәа рыла, аимҳәазы алаҵагьы налаҵаны.
Апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп – Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аиӷьтәра, ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рдефицит аԥыхра.
Апрограмма аусдҵа - Аԥсны амедусҳәарҭақәа ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыла реиқәыршәара.
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни, уи анҭыҵи атәылауаа рыхәшәтәразы апрограмма
Ажәабжьқәа зегьы
0