Аԥсны

2022 шықәсазтәи русура аихшьала ҟарҵеит АҶА аҿы

Иааидкыланы аминистр Аԥсны АҶА ахатә еилазаара аусура бзиоуп ҳәа ахиҳәааит. Иара иажәақәа рыла, дҵақәас ирымаз зегьы нарыгӡеит, аопераци ҷыда ахьымҩаԥысуа ргуманитартә миссиақәа зегьы мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра 2022 шықәсазтәи русура аихшьалақәа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ажьырныҳәамза инаркны дара 1837-нтә цхыраара ицеит. Урҭ рахьтә 979 абылрақәа ирыдҳәалан, урҭ рҟны иҭахеит фҩык, еиқәырхан жәҩык.
Иара убас 167-нтә АҶА ирыԥхьеит амҩатә машәырқәа рахь. Урҭ раан иҭахеит фҩык, еиқәырхан 28. Аӡаҿы амашәырқәа ҟалеит 23-ҩык, ааҩык еиқәырхан, 13-ҩык ӡааҟәрылеит.
Аԥсны
Урыстәыла аҵара иҭоу аԥснытәи акурсантцәа Аԥсны АҶА аҿы апрактика иахысуеит
Шықәсык иалагӡаны 50-нтә аусбарҭа аусзуҩцәа ашьхарахь ицеит иҟьалаз аҭыԥантәи ауааи асасцәеи рыԥшааразы. 32-ҩык рыԥшааит, ааҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа ирырҭеит.
Иара убас аиқәырхаҩцәа амедицинатә цхыраара рырҭеит 63-ҩык, ирԥшааит иԥжәо амаҭәарқәа 60, 20-нтә ишәарҭоу ахимиатә маҭәашьарқәа ԥырхагадартәит.
Аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа иара убас хазы иазгәеиҭеит АҶА инанагӡаз жәларбжьаратәи агуманитартә аоперациақәа. Урыстәыла Украина аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Аԥсныҟа иааган 132-ҩык ахҵәацәа, ЛЖәР, ДЖәР, Херсонтәи, ЗАпорожтәи аобластқәа рынхацәа агуманитартә цхыраара рзырышьҭуан. Шықәсык иалагӡаны уахь инашьҭын 200 тонна аидара.
Уи адагьы, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа 15-ҩык ҩымчыбжьа Луганск иҟан, уа аиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгараҟны ицхыраауан. Аибашьра ахьцо аҭыԥқәа ирылыргеит Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҳџьынџьуаа быжьҩык рыԥсыбаҩқәа.
Аԥсны
"Уаҵәтәи амш ҳақәгәыӷуеит ": ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсны ирыԥсҭазаашьоу