Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уаҵәтәи амш ҳақәгәыӷуеит ": ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсны ирыԥсҭазаашьоу

© Foto / предоставлено Тимуром АдлейбаГостиница "Айтар"
Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Анапаҵаҩра
ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ Аԥсныҟа иааит 2022 шықәса жәабран 24 рзы атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсшьарҭа "Аиҭар" аҟны инхоит 38-ҩык ахҵәацәа Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҟынтәи ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит асасааирҭа аиҳабы Ҭемыр Адлеиба.
Иара иажәақәа арыла "Аиҭар" аԥхьанатә 130-ҩык нхон, аха маҷ-маҷ рышьҭахьҟа игьыжьит. Уажәы аиҳарак апансионат иҩноуп ахәыҷқәа змоу анацәа.
Адлеиба ишиҳәо ала, ахҵәацәа ара адырцәеи аҩызцәеи дырҳаит, рыбзазара еиҿыркааит, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирҭаауеит. Иҟан акурорттә аамҭазы аус зуаз.
"Ҳара иаҳуалу урҭ ахыҵакырҭа рыҭара, рыбзазара аҭышәныртәалара ауп. Дара ирымоуп алшара аусура иалагарц, ргәы зҳәо акы рнапы адыркырц. Ари ҳара ҳзы уадаҩрак аҵаӡам", - ҳәа иҳәеит иара.
Адлеиба игәаанагарала ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь хымԥада ахынҳәра шрыгәҭакугьы Аԥсны "уаҵәтәи амш иақәгәыӷуеит".
ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа актәи агәыԥ Аԥсныҟа иааит 2022 шықәса жәабран 24 рзы атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала. Аҩбатәи агәыԥ – хәажәкыра 2 рзы. Донбассынтәи урҭ раагара хаҭала имҩаԥигон Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0