Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи ДЖәР украинатәи аруаа 80-ҩык инареиҳаны иршьит

Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп 376 ҳаирплан, 203 вертолиот, 2931 аԥырҩы дызҭам аппарат, 401 зениттә ракетатә комплекс, 7601 танки даша еибашьыга техникеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәылатәи аруааи ахатәгәаԥхаҩцәеи ДЖәР аиланхарҭақәа ԥшьба рраионқәа рҿы аӷа ирхәҭақәа ргыларҭақәа амца рыжәырҵеит, иҭадырхеит украинатәи аруааи акәылӡтәы техникеи, абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи ахырхарҭаҿы Аладатәи арратә округ аруааи ажәыларатә гәыԥқәа рхатәгәаԥхаҩцәеи қәҿиарала ижәыланы ДЖәР аиланхарҭақәа Раздоловка, Благодатное, Краснополье, Северное рҿы аӷа амца ижәырҵеит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп ДЖәР аиланхарҭа Антоновка иахьаҵанакуа иԥыржәеит украинатәи архәҭақәа рартиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
"Уахыки-ҽнаки рыла ари ахырхарҭақәа рҿы иҭархан украинатәи аруаа 80, аибашьыгатә кәылӡытехника, ҩ-автомобилк, иара убас агаубица Д-30", - рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы.
Уи адагьы, урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргон ажәыларақәа Запорожтәи ахырхарҭаҿы, уа ирзеиӷьыз апозициақәа ааныркылеит.
Иазгәаҭоуп уахыки-ҽнаки рыла Запорожтәи аобласт Степногорски ДЖәР Пречистовкеи рҿы иҭархан 85 рҟынӡа украинатәи аруаа, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьына, аибашьыгатә кәылӡы машьынақәа, апикап, ҩ-гаубицак Д-20.