"1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациаз" Аминистрцәа реилазаара ахықәкытә программа шьақәнарӷәӷәеит. Апрограмма анагӡара иалнаршароуп аинвалидцәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра, 20 протез ауаҭәаз, 100 протезк ашьыргәацә азы раахәара. Ҷыдала ари апрограмма анагӡара хылаԥшра анаҭоит агәабзиарахьчара аминистрра. Иарбан усмҩаԥгатәқәоу иазгәаҭоу аибашьра аветеранцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы аветеранцәа рфонд аҿы, абри атәы еиҭеиҳәеит Емзар Ашәуа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, мчыбжьык аҩнуҵаҟа 33-ҩык аветеранцәа ацхыраара шырҭаху ала афонд ишадҵаалахьоу. Иара далацәажәеит, Агәабзиарахьчара аминистрра аусуреи аветеранцәа рганахьала дара инарыгӡо аусуреи реиԥшымзаара атәы. Емзар Ашәуа еиҭеиҳәеит, аполиклиникақәа рҿы имҩаԥысуа агәаҭарақәа ртәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.