Аԥсны

Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум Едгар Абыхәба иус аганахь ала ашшыԥхьыӡ иахәаԥшуеит

Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба 20 шықәса зхыҵуаз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽреи лырҳәреи рзы, иагьиқәнаҵеит жә-шықәса ҭакрала ихигарц.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба иганахьала аус Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум ахәаԥшырц иадгалоуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ахашшара ҟаиҵеит Абыхәба идукат, иара Апрезидиум ахь аҳәара ҟаиҵоит иихьчо ауаҩы дыриашазарц.
Ԥхынҷкәын 7 рзы ахашшааратә шшыԥхьыӡ аусӡбарҭа Апрезидиум ахь анашьҭра мап ацәкын. Анаҩс Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы ԥхынҷкәын 28 рзы ԥхынҷкәын 7 рызтәи азыӡба аԥылхит.
2021 шықәса жәабран мзазы Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽреи лырҳәреи рзы иус ӡбан, иқәҵан зрежим рӷәӷәоу аколониаҿ жә-шықәса ҭакрала ихигарци ааха зауз 1,5 миллион мааҭ лзишәарци.
Урыстәыла атәылауаҩ лцәа ԥызҽыз Аԥсны атәылауаҩ иганахьала азыӡба ԥсахуп