Урыстәыла атәылауаҩ лцәа ԥызҽыз Аԥсны атәылауаҩ иганахьала азыӡба ԥсахуп

CC0 / / Судейский молоток
Судейский молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽреи лырҳәреи рзы, иагьиқәнаҵеит жә-шықәса ҭакрала ихигарц.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба ԥсахын Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшаарала. Абри атәы аҳәоит Апрокуратура хада асаит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа еиҭанакит азеиԥш режим арежим ӷәӷәала, аӷьычразы ахарадҵацҵагьы 10 000 мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп. Уи уаанӡа актәи аинстанциа иатәу аӡбарҭа азхьаԥшра анамҭеит.

Абыхәба иганахьала азыӡба амчра аиуит ицәгьоурақәа реицҵарала – жә-шықәса ҭакралеи ахараԥса 10 000 мааҭи, ааха зҭоу 1 148 800 мааҭ лызшәаралеи.

Азыӡба амчра анаиу ашьҭахь Абыхәба Аԥсны ААР абахҭа аҟны аҭакра ихигоит.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Аӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәа аԥҽразы иаднакылаз ахақәҵа аҵаҵӷәы аилкаара анаҭеит

2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы ибылны игылоу аиҳабыра рыҩны аҟны Едгар Абыхәба амч ихы иархәаны 1999 шықәса рзы ииз аҭыԥҳа лцәа ԥиҽит ҳәа азгәаҭоуп. Иара убасгьы иӷьычит зцәа ԥиҽыз лтелефон, лхьымаҭәа, аԥара, зынӡа – 70 100 мааҭ рыхә.

Убри аан аҳәынҭқарратә харадҵара 16 шықәса ихақәиҭра иалхәдаатәралеи арежим ӷәӷәатә колониаҿы ихыгаралеи иқәҵара азыԥхьагәанаҭон.

Иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы аӡбарҭа Едгар Абыхәба иқәнаҵеит жә-шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәра азеиԥш режимтә колониаҟны иҟазаарала 18 шықәса ахьихымҵыцыз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0