Аԥсны

Высоцки иубилеи инадҳәаланы Алитература-музыкатә хәылԥаз мҩаԥгахоит Москва Аҩны аҟны

Владимир Высоцки – асовет поет, абард, 600 рҟынӡа ашәеи 200 инареиҳаны жәеинраалеи равтор, атеатри акинои рактер, СССР аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Ажьырныҳәа 25 рзы алитература-музыкатә хәылԥаз мҩаԥгахоит Москва Аҩны аҟны апоет, амузыкант Владимира Высоцки ирҿиара иазкны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
2023 шықәсазы иазгәарҭоит Высоцки диижьҭеи 85-шықәса аҵра. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзуҩы ишиҳәаз ала аиубилеитә рыцхә азы еизгахоит иҟазара абзиабаҩцәа реиԥш дыздыруаз, иидыруаз. Урҭ ргәалашәарақәа азыӡырҩцәа ирыцеиҩыршоит.
Алитература-музыкатә хәылԥаз аиҿкааҩцәа иаздырхиоит афотоцәыргақәҵа, апоет дызлахәыз асахьаркыратә, адокументалтә фильмқәа рцыԥҵәахақәа, аконцертқәеи аиԥыларақәеи рыхәҭақәа.
Ахәылԥаз мҩаԥгахоит Аҟәа аҵаратә усҳәарҭақәеи акультура-устә ҭыԥ "Москва Аҩни" рыцхыраарала
Марина Влади лшьали Аԥснытәи Высоцки иажәеинраалақәеи