Марина Влади лшьали Аԥснытәи Высоцки иажәеинраалақәеи

© Sputnik / Галина Кмит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 79 шықәса
Ажьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 79 шықәса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 79 шықәса. Иара изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан, иҩхьан иссиру ажәеинраалақәагьы.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Высоцкии Аԥсни – тема ҷыдоуп. Высоцкии Влади Пицундеи Аҟәеи иҭырхуаз рфотосахьақәа 1972 шықәсеи 1973 шықәсеи ҳәа арыцхәқәа рыҵаҩуп.

Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҟны имҩаԥысхьан Высоцки иконцерт. Аԥсноуп аҭыхра ахьымҩаԥысуаз афильм "Хороший плохой человек".

Афизико-техникатә институт аҟны имҩаԥысыз аконцерт даҳзалацәажәеит аконцерт ахәаԥшҩы Маргарита Селиванова.

"Аконцерт маҷк ихьшәаны иалагеит. Высоцки иааира иазыԥшын. Асценахь днеиит рацәак зоура ыҟамыз ауаҩы ԥшӡа. Асахҭан иалхыз кьаҿк ишәын. Иааишәыхны аҟәардә инхишьит. Еизаз аԥсшәа ааҳаҳәаны иаразнакы иазгәеиҭеит ара аҟазаара агәахәара ду шинаҭо. Аконцерт цонаҵы изныкымкәа игитара арахәыцқәа ԥҵәеит, убасеиԥш ихы-иԥсы аҭаны дыхәмаруан", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Елеонора Гилоиан, "Абаза-ТВ" акорреспондент, "Высоцкий и Абхазия" атемала апрограммақәеи алекциақәеи равтор еиҭалҳәоит зегьы хыцыркхеит афильм "Хороший плохой человек" аҭыхрала ишалагаз. Афильм аҟны Высоцки ароль хада неигӡон. Елеонора ишеиҭалҳәо ала афильм аиҳара Ҟрым иҭырххьан, Аԥсны иҭырхраны иҟаз ахәҭақәа рзы аҭыхратә гәыԥ Гагра иахьааиз ауадаҩра иақәшәеит. Дара аангылараны иахьыҟаз асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны аҭыԥқәа ҟамлеит. Аномерқәа ааныркылеит ақырҭуа фильм "Амза амҵарсра" ҭызхуаз агәыԥ алахәылацәа. Гагра инхоз Григори Чепиа актиорцәа иҩныҟа инеиԥхьеит. Абра ахы акит урҭ реиҩызарагьы. Иахьагьы

Чепиаа рҭаацәараҟны иахӡыӡо иҵәахны ирымоуп Марина Влади ҳамҭан инлыжьыз ашьали Высоцки дызлахәмаруаз агитареи.

© Foto / Архив Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз - Sputnik Аҧсны
1/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз - Sputnik Аҧсны
2/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
© Foto / Архив Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз - Sputnik Аҧсны
3/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз - Sputnik Аҧсны
4/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз - Sputnik Аҧсны
5/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
1/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
2/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
3/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
4/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз
5/5
Владимир Высоцки Аԥсны даныҟаз

Елеонора Гилоиан еиҭалҳәоит: "Чепиаа рҭаацәара Высоцки изы игәакьацәахеит. Валери Перевозчиков ишәҟәы "Ну здравствуй, это я" аҟны иааигоит Высоцки Гаграҟа, 1974 шықәса рзы иааишьҭыз асалам шәҟәы: "Бзиа избо диадиа Грышьеи тиотиа Лиубеи. Изыҩуа шәара ахәбатәи шәыҷкәын иоуп. Сара схы сымҩахо аусура саҿуп. Ташкенти Алма-Атеи сыҟан. Маринагьы Франциантәи салам шәылҭоит. Сшәыҳәоит Сева Абдулов иан Елизавета Моисеевна дшәыдышәкыларц. Лыԥсы лшьарц лҭахуп аамҭақәак. Сара лара анык леиԥш дысшьоит. Сгәы иаанагоит шәаргьы бзиа дыжәбап ҳәа. Зегь салам сызрышәҭ. Бзиа шәызбоит. Шәыҳалалра схашҭуам. Ҳаиԥылараҟынӡа, Владимир Высоцки".

Аԥсны еицырдыруеит Высоцки иажәеинраала "Знакомым в Гагре". Иара 1972 шықәсазы иҩит ҳәа ишьоуп. Елионора Гилоиан, Брежнев иеиҭагаҩ, Высоцки иҩыза Виктор Суходрев иҳәамҭала иазгәалҭоит 1973 шықәса рзы Пицунда иҩын Высоцки иашәа "Штормит весь вечер, и пока… ҳәа.

Иааидкыланы. Иумбарц залшом Высоцкии Аԥсни рыбжьара абзиабара хаа ыҟаны ишыҟаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0