Аԥсны

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

Геннади Барцыц – Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ, Париж, Вена, Прага, ЕАА рҟны ацәыргақәҵақәа рлахәыла.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Геннади Барцыц 75 шықәса ихыҵра инамаданы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит ажьырныҳәа 25 рзы.
Ацәыргақәҵтә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ацәыргақәҵахь ишнагоу еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи аусумҭақәа. Асахьақәа рҿы ишырацәоу Урыстәыла, Стампыл, Бухара, Самарканд ирызку атемақәа, аха реиҳарак Аԥсны ишазку.
"Дара зегьы агәхьаагара рныԥшуеит. Геннади Шоҭа-иԥа акраамҭа итәыла анҭыҵ дынхон. Сгәанала ирҿиамҭақәа рҿы аҭыԥ ду ааныркылеит игәалашәо аҭыԥқәа, иныруа агәалашәарақәа", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы иҳәеит асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭақәа алашара шрыҵубаауа, угәы шарԥхо.
1 / 10

Геннади Барцыц

2 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

3 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

4 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

5 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

6 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

7 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

8 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

9 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

10 / 10

Аԥсны иаатит Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

Геннади Барцыц иҳәеит аҵыхәтәантәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа шымҩаԥигаз Аԥсны 1992 шықәсазы.
"Аамҭа ԥшааны иааиз зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Асахьаҭыхыҩ изы игәазырҳагоуп ирҿиамҭақәа ауаа ианыргәаԥхо, ацәаныррақәа анрызцәырнаго", - ҳәа иҳәеит иара.
Арадио
Арсалиаԥҳа Геннади Барцыц ицәыргақәҵазы: агәхьаагара аныԥшуеит
Геннади Барцыц – Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ. Иусумҭақәа Аԥсны амилаҭтә галиреиеи, Урыстәыла, Чехиа, Польша, ЕАА рмузеиқәеи ахатә галереиақәеи аколлекциақәеи рҿы иҟоуп.