Примаков: Урыстәыла атәыла-партниорцәа рмазара алшара аизҳара иазҿлымҳауп

Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рҿы имҩаԥнаго апроектқәа жәпакы дара урҭ атәылақәа рмазара алшара ашьҭыхра иазырхоуп ҳәа иҳәеит Евгени Примаков.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәыла, Мрагылара атәылақәа иреиԥшымкәа атәыла-партниорцәа рмазара алшара аизҳара иазҿлымҳауп ҳәа иҳәеит апроект "Многополярность" аинтервиу азҭаз Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков.
Иара иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа егьырҭ атәылақәа рҿы апрограммақәа анымҩаԥырго раԥхьа иргыланы рхатә хықәкқәа роуп изызхәыцуа.
"Ибзианы иаҳбарҭоуп USAID аусушьа. Ҳбиуџьетқәа еидкылашьа рымам. Аха USAID ахьнеиуа атәылақәа руаажәларра ирбарҭоуп аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽрылагалара, ахатә доуҳа аларҵәара хықәкны ишамоу. Дара ауаажәларра уи ацкы мышкызны иҟарҵар акәхоит. Афеида зауа ЕАА ауп", - ҳәа азгәеиеҭит Примаков.
Урыстәыла абри аганахь ала мааҭкгьы иазыԥшым ҳәа иҳәеит Россотрудничество анапхгаҩы.
Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рҿы имҩаԥнаго апроектқәа жәпакы дара урҭ атәылақәа рмазара алшара ашьҭыхра иазырхоуп ҳәа иҳәеит Евгени Примаков.
Арахь иаҵанакуеит арҵаратә программақәагьы. Урыстәыла аҵара зауз астудентцәа профессионалцәаны ртәылақәа рахь рынашьҭра ауп хықәкыс иамоу.