Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы лыгәҭакқәа ртәы

Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Қәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лыгәҭакқәеи лхықәкқәеи ртәы.
Sputnik
Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп Гәында Кәыҵниаԥҳа. Абри атәы зҳәо аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 24 рзы. Гәында Қәыҵниаԥҳа – афилолог, апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, уаанӡа шықәсырацәала Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд аиҳабыс аус лухьан.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.