АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны амҩатә инфраструктура зегьы рҽеитәуп лаҵара 1 аҟынӡа, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
"Амҩатә дыргақәа рҽеитәуп, амҩаҿықәтәи аангыларҭақәа рыцқьатәуп".
"Ԥсоу-Аҟәа" амҩаду лашарала аиқәыршәара аусурақәа хыркәшахоит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы.
Уаанӡа Sputnik аинтервиу анеиҭоз Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит, "Аҟәа-Ԥсоу" амҩаду аҿы алашара еиҭашьақәыргылахоит 2023 шықәсазы. Иақәхарџьхоит 120 миллион мааҭ.
Арҭ аԥарақәа рыла иазгәаҭоуп амҩаду аҟны алашарбагақәа рыԥсахра, 5700 плафони 300 шьаҟеи раахәара, амҩа лашарада еиқәзыршәо атрансформатарқәа реиҭашьақәыргылара.