Аԥсны

Гәдоуҭа араион анапхгара Ҟәланырхәа ақыҭан абылра иақәшәаз аԥара рзыршәоит

Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аграа рҭаацәара рыҩны блит 2023 шықәса ажьырныҳәа 11 азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи 150 000 мааҭи, Риҵатәи амилаҭтә парк аҟынтәи 50 000 мааҭи рыҭахоит Ҟәланырхәа ақыҭан абылра иақәшәаз аҭаацәара, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

"Ани аби, ҩыџьа ахшареи нхон аҩнаҿы. Аҭыԥ ахь снеины сылала избеит иҟоу. Зегь блит. Иаанхазгьы иқәгатәу ауп. Араиони Риҵатәи апарк ахадареи цхыраарак аҳасабала 200 нызқь мааҭ рзыршәеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит, аҩны аргыларазы арҭ аԥарақәа шазымхо, уи азы атәыла ахада иахь аҳәара шыҟаҵо аҳәынҭқарра ахьӡала аԥаразоужьра мҩаԥгазарц.
Аҩӡба иажәақәа рыла, амцакра ҟалеит афымцатә цәаҳәақа реидыслара иахҟьаны. Амца агазтә баллон аҟынӡа инаӡеит, уи ԥжәеит. Аҭаацәа уажәазы рыуацәа рҿы инхоит.
Амцакра ахьыҟалаз инеиз амцарцәаҩцәа егьа рҽыршәазаргьы аҩны шьаҭанкыла иблит.