Аԥсны

Гәдоуҭа ақалақь аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит

Гәдоуҭа ақалақь агәы аиҿкааразы араион абиуџьет аҟынтә 12 миллион мааҭ инеиҳаны аԥара азоужьуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҿы еиуеиԥшым арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа иаԥну аҵакырақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Уа ирыԥсахраны иҟоуп 400 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс.
"Уажәы иара аҩаӡара ашьаҟауаа рныҟәарҭа иаҟароуп. Иаҳҭахуп маҷк иҳаракызар, реиҟәыҭхарагьы убартә иҟазар. Абри азы абиуџьет аҟынтәи ԥшь-миллион мааҭ азгәаҭоуп", - иҳәеит иара.
Аҩӡба иҳәеит Ленин ихьӡ зху апарк аҿы ишымҩаԥго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, уаҟа аусура иаларган аӡыршә, уи араион ахадареи аӡыршә аҿаԥхьа игылоу акаҳуажәырҭа аԥшәмеи рхарџь ала ишьақәыргылоуп.
Уи адагьы апарк аҿы агәыруажра алырдароуп (дренаж), ахаҳәҟьаԥси шьҭарҵараны иҟоуп. Аусурақәа ирзоужьхоит 8 миллион мааҭ.