https://sputnik-abkhazia.info/20230127/gdoua-aala-ay-areira-eiashayrgylarat-usuraa-magakhoit-1043818115.html
Гәдоуҭа ақалақь аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит
Гәдоуҭа ақалақь аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа ақалақь агәы аиҿкааразы араион абиуџьет аҟынтә 12 миллион мааҭ инеиҳаны аԥара азоужьуп. 27.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-27T09:00+0300
2023-01-27T09:00+0300
2023-01-27T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1a/1032497813_0:0:2601:1463_1920x0_80_0_0_bd311c7e1d363c3173664295190a45de.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҿы еиуеиԥшым арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба. Аҩӡба иажәақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа иаԥну аҵакырақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Уа ирыԥсахраны иҟоуп 400 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс.Аҩӡба иҳәеит Ленин ихьӡ зху апарк аҿы ишымҩаԥго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, уаҟа аусура иаларган аӡыршә, уи араион ахадареи аӡыршә аҿаԥхьа игылоу акаҳуажәырҭа аԥшәмеи рхарџь ала ишьақәыргылоуп. Уи адагьы апарк аҿы агәыруажра алырдароуп (дренаж), ахаҳәҟьаԥси шьҭарҵараны иҟоуп. Аусурақәа ирзоужьхоит 8 миллион мааҭ.
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1a/1032497813_0:0:2311:1733_1920x0_80_0_0_019f9882e531447d7abf3bf33f44f275.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
Гәдоуҭа ақалақь аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит
Гәдоуҭа ақалақь агәы аиҿкааразы араион абиуџьет аҟынтә 12 миллион мааҭ инеиҳаны аԥара азоужьуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҿы еиуеиԥшым арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа иаԥну аҵакырақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Уа ирыԥсахраны иҟоуп 400 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс.
"Уажәы иара аҩаӡара ашьаҟауаа рныҟәарҭа иаҟароуп. Иаҳҭахуп маҷк иҳаракызар, реиҟәыҭхарагьы убартә иҟазар. Абри азы абиуџьет аҟынтәи ԥшь-миллион мааҭ азгәаҭоуп", - иҳәеит иара.
Аҩӡба иҳәеит Ленин ихьӡ зху апарк аҿы ишымҩаԥго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, уаҟа аусура иаларган аӡыршә, уи араион ахадареи аӡыршә аҿаԥхьа игылоу акаҳуажәырҭа аԥшәмеи рхарџь ала ишьақәыргылоуп.
Уи адагьы апарк аҿы агәыруажра алырдароуп (дренаж), ахаҳәҟьаԥси шьҭарҵараны иҟоуп. Аусурақәа ирзоужьхоит 8 миллион мааҭ.