Аԥсны

Иашҭхәа ақыҭан абнара амца акит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Иашҭхәа ақыҭан абнара амца акит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура.
Амцакра анхарҭаҭыԥқәа ирзааигәан. 400 метра ԥшьыркца иҟаз амцакра ырцәан АҶА аусзуҩцәа рымчала.
Амцакрақәа ахьыҟоу егьырҭ аҭыԥқәа рахьа анеира уадаҩуп, аҩнқәа ирцәыхароуп, ауааԥсыра ирԥырхагам. Ус шакәугьы, аиқәырхаҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҟны.