Ари ашықәс даара ибеиахоит акультура министрра имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа рыла ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызкны аусмҩаԥгатәкәа азгәаҭоуп ҳәа иҳәеит иара.
Адамыр Гәынба иажәақәа рыла, рҳәаақәа дырҭбаауеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезонқәа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.