Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәынба 2023 шықәсазтәи акультуратә хҭысқәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Гәынба 2023 шықәса рзы акультуратә хҭысқәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Иарбан культуратә хҭысқәоу иаҳзыԥшу 2023 шықәсазы, иарбоума апроект ҿыцқәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Ари ашықәс даара ибеиахоит акультура министрра имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа рыла ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызкны аусмҩаԥгатәкәа азгәаҭоуп ҳәа иҳәеит иара.
Адамыр Гәынба иажәақәа рыла, рҳәаақәа дырҭбаауеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезонқәа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0