Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы реиҳа зыхә цәгьоу ахырхарҭақәа рыӡбахә ҳәоуп

2022 шықәсазы Урыстәыла аҵараиурҭақәа рахь адкылара ахаҭабзиара амониторинг 812 ҵараиурҭа аҵанакит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. "Адизаин", "Аӡытә транспорт анапхгара", "Амшынтә техника", "Авиациатә системақәа", "Мрагылараҭҵаареи африканистикеи" 2022 шықәсазы реиҳа зыхәԥса ҳараку ахырхарҭақәа ирыҵанакит.
Арҭ адыррақәа аагоуп 2022 шықәсазы Урыстәыла аҵараиурҭақәа рахь адкылара ахаҭабзиара аилкааразы имҩаԥгаз агәаҭара ашьаҭала.
2021 шықәсазгьы дара абарҭ ахырхарҭақәа ракәын иалкааз. Убри аан реиҳа рыхәԥса лаҟәуп "Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии напхгараҭара", "Аекологиа", "Афилологиа", "Апсихологиа", "Амаҵзуратә усхкқәа ".
2022 шықәсазы, 2021 шықәса иадкыланы, урҭ ахәԥсақәагьы еиҳа ишьҭыҵит. 2022 шықәсазы Урыстәыла аҵараиурҭақәа рахь адкылара ахаҭабзиара аилкааразы имҩаԥгаз агәаҭара 812 ҵараиурҭа аҵанакит – аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа хадақәа 396, 321 филиал, иҳәынҭқарратәым аҵараиурҭақәа 95.
Агәаҭара иалахәын ЕГЕ алҵшәақәа рыла адкылара мҩаԥызго аҵараиурҭақәа. Арҿиаратә ԥышәарақәа ахьаҭаху аҵараиурҭақәеи амчратә усбараҭқәа рҵараиурҭақәеи аманиторинг иалахәымызт.
Аԥсны
Россотрудничество аԥснытәи абитуриентцәа рҟны еиҳа иалырхуа азанааҭқәа ртәы рҳәеит