Аԥсны

Урыстәыла атуроператорцәа: 2023 шықәсазы Аԥсны ҩ-миллионҩык инареиҳаны атуристцәа аҭаауеит

2022 шықәсазы Атуризм аминистрра адыррақәа рыла, Аԥсны иаҭааит миллионки 145 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны иаҭаауеит ҩ-миллионҩык инареиҳаны атуристцәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит УАОР (АТОР-аред.) ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи атуроператорцәа заанаҵтәи аҭирақәа иҟарҵо рырбагала ииасыз ашықәс аан аасҭа 50% атурқәа еиҳаны ирҭихьеит.

Ромашкин игәаанагарала атуристцәа Аԥснытәи акурортқәа алыркаауеит ауаа еиҳа аԥсабара иазааигәан аԥсшьара ахьырҭахуи, Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рҿы аасҭа ахәԥсақәа ахьеиҵои рзы.
Аԥсны
2023 шықәсазтәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит
Ромашкин иҳәеит заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыла Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи шеиваҟәало. Аҟазауаҩ игәаанагарала Аԥсны х-миллионҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа аднакылартә алшарақәа амоуп. Аха уи азы иазхом анхарҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара.
Аиҳарак иалыркаауеит Гагра, Пицунда. Ирацәаҩуп аҳҭнықалақь алызхуа. Мрагыларатәи атәыла ахәҭаҿы макьана аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара рацәам.
Ромашкин иҳәеит аԥхынтәи аԥсшьара ахәқәа 10-12% ишазҳаз 2022 шықәса иаҿырԥшны. Асеиԥш ахәқәа аотельқәа зтәуи иаҭаауеит рзы иуадаҩымкәа иҟоуп.
Аԥсны
Ҭеимураз Хышба иҳәеит Аԥсны атуризм аҿиара аныԥшуеит ҳәа