Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазтәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны - 2023 шықәсазтәи аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа еиҳа иахьыҟарҵо атәылақәа иреиуоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. 2023 шықәсазтәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит ҳәа аҩуеит АТОР.
Еиҳа идуу урыстәылатәи атуроператорцәа адырра ҟарҵоит аԥхынтәи аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ракциала Аԥсныҟа аара зҭаху хынтә рыла ишеиҳахаз.
Адырра ыҟоуп, еиҳа азҿлымҳара змоу асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы хәажәкырамзазы аҭыԥқәа нҵәоит ҳәа.
АТОР ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин ас еиԥш Аԥсны аԥсшьара азҿлымҳара заиуз мзызқәас иамоу рыӡбахә иҳәеит:
иахьыҟоу аҭыԥ аманшәалара,
агеополитикатә ҭышәынтәалара,
иауу амшынҭаларатә сезон,
атурқәа рыхә бзиа - ҩыџьа рыԥсшьареи ҳаирпланла рыԥырреи рзы ахә 33 нызқь мааҭ рҟынтәи иалагоит.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы игәаҳҭеит атуристцәа рыԥсшьара рхыргарц шырҭаху иахьеилаҩеиласроу ақалақьқәа рҿы акәымкәа, иҭынчу, иаҵәарала иҭалаҳау акурортқәа рҿы. Уи аганахьала Аԥсны - иреиӷьӡоу хырхарҭоуп", - иҳәеит Ромашкин.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит Аԥсны аномертә фонд хыԥхьаӡарала иахьдуум азы атуристцәа заа аҭыԥқәа ҿарҵарц ишаҿу.
"Аԥсны асасааирҭақәа рфонд зламаҷу ала, ари арегион иаднакылар алшоит 1,5 – 2 миллионҩык атуристцәа. Сынтәатәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит ҳәа азԥхьагәаҳҭоит, ус анакәха, асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы аҭыԥқәа еиҳагьы иазымхар ҟалоит", - иҳәеит Сергеи Ромашкин.
Ажәабжьқәа зегьы
0