Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра алацәажәеит аенергетика иамоу ауадаҩрақәеи апарт-отельқәа рыстатуси

Аилацәажәараҿы аԥыза-министр иҳәеит аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәу иахҟьаны ареспубликаҿы алашара арцәара амҭеихша ҿыц алагалахар шалшо.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара анапхгара алархәны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетика иамоу ауадаҩрақәеи апарт-отельқәа рыстатуси. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб дазааҭгылеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Иҳәеит аусурақәа ахыркәшарахь ишнеиз. Уи азы ишаҭаху урыстәылатәи рколлегацәа аламырхәыкәа аԥснытәи аҟазауаа инарыгӡо адыдҽацәыхьчараз ашьақәгылақәа реибыҭара.
Уи адагьы аԥыза-министр иҳәеит аӡынтәи аԥхарра Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәу иахҟьаны ареспубликаҿы алашара арцәара аамҭеихша ҿыц шалагалахо.
Аԥсны
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц аларгалеит
Аилацәажәараҿы иазааҭгылан апарт-отельқәеи апартаментқәеи рыстатус ҭышәынзыртәало азакәан апроект. Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит апроект иалагалазарц амазараз ашәахтәцҵа. Арҭ аԥарақәа ахықәкытә фонд ахь инарышьҭлоит, иагьныххоит Аԥсны ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы.
Иара убас, аилацәажәара иалахәыз автомашьынақәа рсаркьақәа аршәшьыгақәа рыҭара азҵаара иалацәажәеит. Атәыла ахада анапынҵа ҟаиҵеит Аминистрцәа реилазаара автопарк зегьы ишахәҭоу еиԥш еиҿыркаарц.