Алашара аныҟам аамҭазы аӡҭарчыгақәеи аматорқәеи аус ҳзруӡом, ҳаԥшуп ианбаҟало ҳәа, аха ауаа алашара анроу аӡгьы рҭахуп, уи ҟалашьа амам ҳәа иҳәеит Анқәаб арадиоефир аҿы.
"Ақалақь аҿы алашара аныҟоу, Гәымсҭа аӡҭарчыгақәа ахьыҟоу алашара ыҟаӡам, еиқәшәаӡом аамҭеихшала. Анаҩс, алашара андырцәалак, аӡымҩангагақәеи, аӡҭарчқәеи рҿы иҟоу аӡқәа ҭыкәкәоит. Алашара аныҟалалак, урҭ зегьы рҭәны ауп ақалақь ахь аӡы шынашьҭтәу. Аха хыхьтәи аихагылақәа рҟынӡа аӡы неиртә еиԥш атрубақәа рҿы ақәыӷәӷәара бзиа ыҟазароуп, уи иаанаго, инеиԥынкыланы х-сааҭк алашара ыҟазароуп. Уи адагьы, анасос дуқәа аус рурцаз, дара ирҭахуп ирнаало амчхара. Ирызхаша афымцалашара амчхара ҟамлакәа иузаушьҭӡом", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.