Аԥсны

Кациқыҭ агәамсамеизакырҭа аусура ианалаго азгәаҭоуп

Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аргылара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы. 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ихыркәшахараны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2– Sputnik. Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аусура аларгара азгәаҭоуп мшаԥымза анҵәамҭаз ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа.
Џьопуа иажәақәа рыла аусурақәа зхыркәшамхеит ианарбаз арыцхә азы, агәамсамеихшарҭа цәаҳәақәа 12 раагара ахьеиԥҟьаз азы. Урҭ Урыстәыла иаҿаҵан, абҵарамзазы Аԥсныҟа иааргараны иҟан, аха аамҭала еихьымӡеит, ажьырныҳәамзазы ауп ареспубликахь ианаарышьҭ.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь агәамсамеизакырҭатә дәы аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Иара иҳәеит аусурақәа мшаԥымзазы ишхыркәшахо.
Аргылара мҩаԥысуеит 2020-2022 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа ирықәхарџьхоит - 112,8 миллион мааҭ. Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аҿы 2,4 гектар зҵазкуа ажра ҟаҵоуп. Иааизакны иазоужьуп 12 гектар адгьыл ҵакыра.