Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь агәамсамеизакырҭа аартра ианазыԥшу атәы

Џьопуа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь агәамсамеизакырҭа аартра ианазыԥшу атәы
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҟны ашықәс алагамҭаз иаадыртраны иҟаз агәамсамеизакырҭа иахьазы аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа.
Абзазаратә црыҵкаԥсарҭа Гәылрыԥшь араион аҿы аргылара хыркәшахоит ԥхынҷкәын 2022 шықәсазы ҳәа алаҳәара ҟаиҵахьан цәыббрамзазы Аҟәа ахада Беслан Ешба. Уи аартра ашьҭахь аҳҭнықалақь иалырго агәамсам Аҳабла ҿыц аҟны ашьҭаҵара иаҟәыҵран иҟан. Гәылрыԥшь араион аҟны ашықәс алагамҭаз иаадыртраны иҟаз агәамсамеизакырҭа иаԥеиԥшхеи? Аартра алзмыршаз ауадаҩрақәа арбану? Абарҭқәа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа.
"Агәамсамеизгарҭаҟны иҟоуп ацәаҳәақәа агәамсам еилызхуа. Дара, ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны иузаҿаҵаӡом. Урыстәыла иахьҿарҵаз иаҳхысыз ашықәс ҭагалан абҵарамзазы иааргараны иҟан урҭ ацәаҳәақәа 12. Жәамшҟа раԥхьа ауп урҭ ацәаҳәақәа агәамсам еилыхгақәа анааргаз. Ажәакала, убри ауп изыхҟьаз аиҵахара…Уажәы ҳақәдыргәыӷит, ҳалала иаҳбеит аусуцәа уажәы ацәаҳәақәа рықәыргылара ишаҿу, мшаԥы анҵәамҭазы иалгоит аусура", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0