Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Запорожтәи аобласт аҟны Америкеи Украинеи ррадиолакациатә станциақәа ԥыржәеит

Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп украинатәи арратә ҳаирпланқәа 381, авертолиотқәа 206, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 3001.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа Запорожтәи аобласт аҟны иԥыржәеит украинатәи арадиолакациатә станциа 35Д6, америкатәи астанциа AN/TPQ-37 ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Запорожтәи аобласт Малокатериновк араион аҟны иҭархоуп украинатәи арадиолакациатә станциа 35Д6, иара убас америкатәи аалыҵ аконтрбатареиатә қәԥара иатәу арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37", - ҳәа аҳәоит атәылахьчара аминистрра адырраҭараҿы.
Уи адагьы ЛЖәР, Харкови Херсони роблостқәа рыҟны Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит аицҭырҟьаратә система HIMARS, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа хәба.
Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп украинатәи арратә ҳаирпланқәа 381, авертолиотқәа 206, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 3001, азениттә ракетатә комплексқәа 402, 7719 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡы машьынақәеи.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба кажьуп