Путин: Урыстәыла иақәмақаруа аҭак злараҳҭаша ҳамоуп

Аԥсадгьыл ахьӡала аҵыхәанӡа ацара милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар ирҷыдаҟазшьоуп иҳәеит Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Урыстәыла иақәмақаруа аҭак злараҳҭаша ҳамоуп иҳәеит Владимир Путин Сталинградтәи аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт аҟны иқәгылараан.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит ари аибашьра ду Сталинград ақалақь мацара шакәмыз иззеибашьраз – атәыла зегьы азы еибашьран ҳәа. Иара иажәақәа рыла, усҟан еилкаахеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аиԥш, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алахьынҵагьы.
"Изныкымкәа ҳҭоурых аҿы ишыҟалахьаз еиԥш, ҭаҷкәымк еиԥш ҳаилаҵәаны ҳаиааит. Сталинградтәи аибашьра Аџьынџьтәылатә еибашьра ахырхарҭа еиҭазкыз акәны аҭоурых иазынхеит", - ҳәа иҳәеит ахада.
Иара иажәақәа рыла, Сталинградтәи аибашьра "ҳажәлар ракзаара иасимволхеит", убри азы ҳара иаҳуалԥшьоуп ари афырхаҵара ахамыршҭра, аҭоурых амырӡра.
Атәыла ахада иҳәеит иахьатәи анацизм Урыстәылаз ишшәарҭоу, убри азы шакәу Мраҭашәара иҟанаҵо агрессиа ҳзаҿагыло. Иазгәеиҭеит еиҭахгьы Москва анемец танкқәа Leopard рыла идыршәарц рыҽшазыршәо, Германиа даҽазныкгьы Урыстәыла иаҿаргыланы аиааира агара иашьҭоу ишырзеилымкаауа – иахьатәи аиҿагылара зынӡа даҽакӡаны ишыҟоу.
"Аҭак злаҟаҳҵаша ҳамоуп. Уи зегьы ибзианы еилыркаауазароуп", - иҳәеит Путин.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла адунеи зегьы аҟны аҩызцәа иашақәа маҷӡам, Америкатәи аконтинент аҿеиԥш, Европагьы.
Аԥсны
Арратә аоркестр лыдныҳәалеит Аԥсны инхо Сталинградтәи аибашьра иалахәыз аԥҳәыс бырг