Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арратә аоркестр лыдныҳәалеит Аԥсны инхо Сталинградтәи аибашьра иалахәыз аԥҳәыс бырг

© SputnikС 80-летием победы в Сталинградской битве поздравили последнего живого участника битвы из Абхазии Валентину Шульгину
С 80-летием победы в Сталинградской битве поздравили последнего живого участника битвы из Абхазии Валентину Шульгину - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2023
Анапаҵаҩра
Валентина Шульгина – Аџьынџьтәылатә еибашьар Ду аветеран, Сталинградтәи аибашьра алахәыла, иланашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база аоркестр Аџьынџьтәылатә еибашьар Ду аветеран Валентина Шульгина илыдныҳәалеит Сталинградтәи аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра амш.
© Sputnik / Томас Тхайцук С 80-летием победы в Сталинградской битве поздравили последнего живого участника битвы из Абхазии Валентину Шульгину
С 80-летием победы в Сталинградской битве поздравили последнего живого участника битвы из Абхазии Валентину Шульгину - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2023
С 80-летием победы в Сталинградской битве поздравили последнего живого участника битвы из Абхазии Валентину Шульгину
Шульгина – иахьазы Сталинградтәи аибашьра алахәылацәа иреиуаз, Аԥсны инхо рҟынтәи зыԥсы ҭаны иаанхаз лоуп. Ажьырныҳәамзазы 101 шықәса лхыҵит.
Шульгина лԥенџьырқәа рыҵаҟа аоркестр аибашьра аамҭазтәи ашәақәа адырҳәеит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, "Москва Аҩны", урыстәылатәи аицџьынџьуаа Рассоциациа, Россотрудничество ахаҭарнакцәа аветеран илыдныҳәалеит.
"Аветеранцәа ирхыргаз, изнысыз амҩа, урҭ ҳаҭыр-пату ду рықәҵара иаԥсартәуеит. Ҳабиԥара аҭоурых рзымдыруа, урҭ рхьаа ргәы ианамыруа иҟалар, ҳара ҳауп изхарахо", - ҳәа лҳәеит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рзинхьчараз ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа.
Аветеран шамахамзар аиарҭа дамоуп. Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа ражәақәа рыла мчыбжьқәак рыҩнуҵҟа Шульгина лыхьӡала Владимир Путин иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы аашьҭхоит.
Валентина Ефимовна лысасцәа иралҳәеит лажәеинраалақәа знылҵо атетрад шлымоу, аха Сталинградтәи аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра амш иазкны аҩра шлыламшаз.
"Анцәа иахьынӡасаҭәеишьо сыԥсы ҭазаауеит", - лҳәеит аветеран.
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәса рзы. Аибашьра ианалага, 19 шықәса зхыҵуаз Валентина ҳақьымс аус луан Томск. 1941 шықәса нанҳәамзазы лара Омск еиҿкааз асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Сталинград ахақәиҭтәра ашьҭахь лара лывзвод Курско-Орловтәи ахырхарҭахь ирышьҭит.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0