Ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аҟаԥҟаԥ: аԥсуаа ршьаҵатәазы згәаҭақәак

Ажәытә аамҭақәа рзы ахархәара змаз аԥсуаа ртрадициатә шьаҵатәқәа ирызкны згәаҭақәак ҟалҵеит Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иахьа ҳнадгыланы рацәак ҳхы аџьа амырбаӡакәа иааҳхәартә ҳалшоит зеиуахк рацәаны иҭрыжьуа ашьаҵатәқәа, досу игьамеи иџьыбеи ирықәшәаратәы. Аха еснагь ус акәымызт, иҳаҩсыз ашәышықәсақәа рзы зда ԥсыхәа ыҟамыз ашьаҵатәы уара иҟаумҵар, аӡәгьы иуиҭомызт.

Жәытәла аԥсуаа ршьаҵатәқәа рыхкқәа рацәан азуҳәар алшоит. Ахархәара змаз ашьаҵатәқәа реилазаараҿы иҟан: ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аимсы, ашәаҩа, аҟаԥҟаԥ уҳәа.

Анхаҩыжәлар рҟны аларҵәара змаз шьаҵатәын ажәцәеимаа. Ари ашьаҵатәы злырхуаз ашьамаҟа (ажә, ацә, акамбашь) ирхырхуаз ацәақәа ракәын. Ажәцәеимаа алҵразы ашьамаҟа рцәақәа анырхырхлак, аџьыкхыш лақәԥсаны, еикәарҽны, аџьыка алсырц ҩба-хԥа мшы ишьҭарҵон, нас арасатә быцала ирхханы амра иарҭон. Аӡын, амра анмаҷыз, амца ахьеиқәу аҭыԥ аҿы инаганы идырҩон. Аимаа рӡахырц анырҭахыз, ацәа аӡы иӡааҵаны идырԥсаауан, убри ашьҭахь ирҭахыз ашәагаа инақәыршәаны хәҭа-хәҭала иԥырҟон.

Амилаҭ маҭәа ианыԥшуеит ажәлар рҟазара, ргьама, рестетикатә ҭахрақәа

Ажәцәеимаа ус унадыххыланы иузыҟаҵо акәмызт, уи аҟаҵаразы аамҭа такәы аҭахын. Ажәцәеимаа ашьаҵаразы ианымазеихалак, иҟәатаны инхарц, имҩарц аҵармақьа ақәрыԥсон, мамзаргьы уахынла иахьыцәааку ҭыԥк аҟны иаанрыжьуан. Аӡын ршьапқәа ахьҭа иамкразы иаҵарҵон ақалԥади ашьапкәыршеи, иара убас аҵыҭәа ҭаҵаны ирышьарҵон.

Ажәцәеимаа ахацәа реиԥш, аҳәсагьы ирышьарҵон, амала аҳәса ртәы еиҳа идырԥшӡон.

Ишааиуаз аимаа рӡахуа иалагеит асахҭан ("чувяки из самодельного сафьяна" - аред.) иалхны, уи – "асахҭан еимаа" ҳәа иашьҭан. Асахҭан еимаа аӡахырсҭа аҩнуҵҟа ирханы иҟарҵон, аӡахырсҭа ашьапы цәнамҟьарц ахәац ахьшьны идырҟәатон.

Аԥсуаа ажәцәеимааи асахҭанеимааи иҩархагыланы ирышьарҵон аимсқәа. Аимсқәа аӡынра ашьаргәацәқәа дырԥхон, ирыхьчон, иагьдырԥшӡон. Амалуаа урҭ ахьтәи араӡынтәи рахәыцла ирӡахуан.

Ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аҟаԥҟаԥ: аԥсуаа ршьаҵатәазы згәаҭақәак

 

Аԥсуа хаҵа маҭәала иҽанеилаиҳәо, асахҭан еимаа аимсы ахаргыланы анаҩсгьы ирышьарҵон ацәа иалхыз амагәқәа. Урҭ ирыҵарҵон аҩнԥара қалԥадқәа.

Аӡынразы ашьха асы рацәаны ианлеилак, еимаала аныҟәара аныуадаҩхалак, ашәарыцаҩцәеи абназаҩцәеи ашәаҩақәа рышьаҵаны иныҟәон. Ашәаҩақәа алаба аварақәа аацәны, ахи аҵыхәеи ԥсыӡак аҟара иааидкыланы иҿарҳәон, нас абжьарақәа шашәала иааилышьны уақәгыларатәы иҟарҵон, убри ашьҭахь реимаақәа шрышьоу ршьапқәа ашәаҩақәа рыдҿаҳәаланы асы хҵааланы иахьыҟоу ашьха ҭыԥқәа рҿы ирыланыҟәон.

Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

Абарҭ хыхь еиқәыԥхьаӡаз ахқәа зегь реиҳа ижәытәуп уҳәар алшоит аҳәса ршьаҵатәы аҟаԥҟаԥ. Аҟаԥҟаԥ иҩышьҭыхыз, ашьхәа ҳаракқәа змаз амҿы иалхыз шьаҵатәын. Хадаратәла излырхуаз али амжәеи ракәын. Аҩны ашьаҵаразы иҟарҵозҭгьы, иласхаразы алтә мҿы рхы иадырхәон.

Амжәа иалырхуаз аҟаԥҟаԥ анҭыҵга ҳәа иԥхьаӡан. Уи аҩнытәи аасҭа идырԥшӡон, асахьақәа анырҵон. Ари ашьаҵатәы аԥхын ахала, акгьы аҵамҵакәа ирышьарҵон. Аӡынтәи ахьшәашәаразы ршьапы арԥхаразы рнапала ирԥаз ақалԥадқәа аҵарҵон. 

Хыҵхырҭақәак рҿы изларҳәо ала, аҟаԥҟаԥқәа хықәкыла аҭацацәагьы ирышьарҵон. Ҳашьцәа адыгацәа рҟны ари ашьаҵатәы ачара иадҳәалан, ачарақәа рыҟны акәын иахьрышьарҵоз. Абарҭ иҳаракыз ашьаҵатәқәа зшьаҵаны ачараҿы икәашаз аԥҳәызба лыхьӡ хара инаҩуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: