Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа Угледар украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит

Уахыки-ҽнаки рыла Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭаҟны иҭархан ҩ-танкк, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьына, акәылӡы машьынақәа ҩба, ҩ-машьынак, агаубица "Гвоздика", иара убас агаубицақәа Д-30, Д-20.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Угледар украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Уахыки-ҽнаки рыла Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭаҟны иҭархан амеханизациа зызу 72-тәии 110-тәии абригадақәа рҟынтәи 130-ҩык украинатәи аруаа.

Купиансктәи ахырхарҭаҿ ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 14-тәии 92-тәии абригадақәа рыруааи ртехникеи, адесант-жәыларатә бригадақәа фба ааха рыҭан. Иҭахеит 35-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ 25-тәии 71-тәии адесант-жәыларатә бригадақәа ааха рыҭан. Иҭахеит 120-ҩык аруаа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ 35-тәии 36-тәии адесант-жәыларатә бригадақәа рыруааи ртехникеи ааха рыҭан. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 115-ҩык украинатәи аруаа, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа хԥа, амашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-30, Д-20.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба кажьуп
Херсонтәи ахырхарҭаҟны аиланхарҭақәа Качкаровкеи Днепровски ажәылараҟны иҭархан агаубица Д-30, ахаланыҟәа агаубица "Акациа".
Аракеттә ари артиллериеи ааха рырҭеит УАМ 111 артиллериатә ҟәша, 142 раион рҿы – аруааи атехникеи ааха рыҭоуп.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ДЖәР, Запарожие араионқәа рҟны икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба, аицҭырҟьаратә система HIMARS-и "Урагани" рыхгәыцәқәа жәеиза.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Благодатное ахы иақәиҭыртәит