Аԥсны

Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рыҟәша

Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҳазалхратә еилакы атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аилазааратә ҟәшоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит атранспортхкқәа - автомобилтә, амшынтә, аихамҩатә рыла иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аҟәша. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Аҟәша ҿыц еиднакылоит аҳазатә еиҿкаара ахырхарҭақәа зегь рыла ахылаԥшҩцәа рзинмчқәа.
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аиҳабы Ҭемыр Амҷба ишиҳәо ала, арахь иаанаго аидарақәа азеиԥш тауареикәыршара аҟынтә 85% ыҟоуп.
Ажьырныҳәамзазы аҟәша аусзуҩцәа 959 ҳазатә декларациа еиҿыркааит. Ари 465 декларациа рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи абри аамҭала. Бжьаратәла мышкы 30-50 декларациа еиҿыркаауеит.