https://sputnik-abkhazia.info/20230207/aazalkhyrat-y-aa-any-ausura-ialageit-iaku-atauara-reikaarei-rkhylashrei-rysha--1044001104.html
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рыҟәша
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рыҟәша
Sputnik Аҧсны
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҳазалхратә еилакы атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аилазааратә ҟәшоуп. 07.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-07T13:49+0300
2023-02-07T13:49+0300
2023-02-07T14:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101374/62/1013746269_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_3ed636750583f4cdb4d8520297d25c6e.jpg
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит атранспортхкқәа - автомобилтә, амшынтә, аихамҩатә рыла иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аҟәша. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аҟәша ҿыц еиднакылоит аҳазатә еиҿкаара ахырхарҭақәа зегь рыла ахылаԥшҩцәа рзинмчқәа. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аиҳабы Ҭемыр Амҷба ишиҳәо ала, арахь иаанаго аидарақәа азеиԥш тауареикәыршара аҟынтә 85% ыҟоуп. Ажьырныҳәамзазы аҟәша аусзуҩцәа 959 ҳазатә декларациа еиҿыркааит. Ари 465 декларациа рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи абри аамҭала. Бжьаратәла мышкы 30-50 декларациа еиҿыркаауеит.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101374/62/1013746269_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_eef6a8446a6b1dd120f2487f7de49bce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҟәа
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рыҟәша
13:49 07.02.2023 (ирҿыцуп: 14:11 07.02.2023) Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҳазалхратә еилакы атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аилазааратә ҟәшоуп.
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аҟны аусура иалагеит атранспортхкқәа - автомобилтә, амшынтә, аихамҩатә рыла иаку атауарқәа реиҿкаареи рхылаԥшреи рзы аҟәша. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Аҟәша ҿыц еиднакылоит аҳазатә еиҿкаара ахырхарҭақәа зегь рыла ахылаԥшҩцәа рзинмчқәа.
Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Аҟәа" аиҳабы Ҭемыр Амҷба ишиҳәо ала, арахь иаанаго аидарақәа азеиԥш тауареикәыршара аҟынтә 85% ыҟоуп.
Ажьырныҳәамзазы аҟәша аусзуҩцәа 959 ҳазатә декларациа еиҿыркааит. Ари 465 декларациа рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи абри аамҭала. Бжьаратәла мышкы 30-50 декларациа еиҿыркаауеит.