АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь агәҭа алашара ыцәеит ашәахьа жәабран 6 рзы.
Афымцалашара арцәара ахҟьеит авольтҳарак цәаҳәа иаиуз ааха ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гагратәи аҟәша аиҳабы Аслан Аиба.
"Авольтҳарак цәаҳәа астанциаеиҵа аҟынтәи ицоз ааха аиуит. Ҳара уажәы аҳауатә цәаҳәа ашьақәыргылара ҳаҿуп. Лашарада иҟоуп Гагра аагәыи-асасааирҭа "Аԥсны" иахьаҵанакуеи. Уаҟа хәба-фба ҩнеихагыла лашарада иҟоуп. Амш иалагӡаны аусурақәа хыркәшахоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиба иажәақәа рыла, афымцацәаҳәа аусура аиԥҟьара ахҟьеит алашара лассы-ласс арцәара.