Аԥсны

Аԥсны 2022 шықәсазы урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иалыркаауаз ҭыԥын

АТОР адыррала 2022 шықәсазы Аԥсны иаҭааит 1,15 миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа. Ари 23% рыла еиҵоуп ирекордтәыз 2021 шықәсаз аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны 2022 шықәсазы урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иалыркаауаз ҭыԥын. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа (АТОР) апресс-маҵзура.
АТОР иазгәанаҭоит, урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рдыррақәа рыла 2022 шықәсазы Аԥсныҟа иааз урыстәылауаа 5,4 миллионҩык рҟынӡа шыҟоу.
Убри аан иазгәаҭоуп, ара ишалкаам Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәии Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоу Аԥсны атәылауааи аҳәаа рахысра. Урҭ туристтә ныҟәароуп ҳәа иԥхьаӡаӡам.
Аԥсны атуризм аминистрра адыррала Аԥсны рыԥсы ршьеит 1,15 миллионҩык.
Аԥсны
2023 шықәсазтәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит
Арҭ арбагақәа инарықәыршәаны ареспублика ахԥатәи аҭыԥ аннакылоит Ҭырқәтәылеи (5,2 миллион) Еиду Арабтә Емиратқәеи (1,2 миллион) рышьҭахь. Убри аан иазгәаҭатәуп арҭ атәылақәа транзит тәылангьы ишыҟоу – уаантәи аныҟәаҩцәа Европеи Алада Азиеи рахь рхы дырхоит. Аналитикцәа атранзит 20-30% аныҟәарақәа аҵаркуеит.
Аԥшьбатәии ахәбатәии аҭыԥқәа ныркылоит Египет (947 000-ҩык), Таиланд (435 000-ҩык).
2021 шықәса иаҿырԥшны аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуа автомашьынақәагьы рхыԥхьаӡара еиҳахеит. 2022 шықәсазы зхатә машьынала Аԥсныҟа аара зҭаху рацәаҩуп.