Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Чернышов Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала Украина аоперациа ҷыда иалахәу рлагала ахә ишьеит

Аԥснынтәи арԥарцәа Донбасс ахақәиҭтәразы еибашьуеит. Быжьҩык аибашьра адәаҿы иҭахахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала Украина аоперациа ҷыда иалахәу рлагала шдуу иҳәеит, апроект "Многополярность" аинтервиу анеиҭоз.

"Арҭ ауаа аибашьра аҟырҟы иҭыҵит. Дара рҟазара ҳаракуп, реибашьышьа оумашәа аиубартә иҟоуп. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иахьҳавагылаз", - иҳәеит иара.

Чернышов иҳәеит Аԥснынтәи ицаз Урыстәыла адгылара арҭоит Асовет еидгыла аилабгара ашьҭахьгьы иаку аидеологиа, иаку ахықәкқәа, иаку аимадарақәа ахьрымоу азы ауп ҳәа.