Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

2022 шықәса жәабран 24 раахыс иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 384, авертолиотқәа 206.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аҳаирплан МиГ-29 кажьуп ДЖәР аиланхарҭа Новопавловки иахьаҵанакуа, аҳаирплан Су-25 – Херсон аҵакыраҿы. Иара убасгьы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS 13 реактивтә хгәыцә.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит 83 артиллериатә ҟәша.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ аҵакырахьчаратә бригада 103-тәи аҟәшеи амеханизациа зызуу 14-тәи абригадеи. Иҭархоуп 30-ҩык аруаа, апикапқәа хԥа, артиллериатә система М777 (ЕАА).
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп: аҵакырахьчаратә бригада 116-тәи аҟәшеи амеханизациа зызуу 92-тәи абригадеи, 81-тәи аеромобилтә бригадеи, 95-тәи адесант-жәыларатә бригадеи. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп 110-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, РСЗО "Град", ҩ-гаубицак Д-20, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 90-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа фба, артиллериатә система М109 "Paladin" (ЕАА), арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50 (ЕАА), УАМ артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Алада –Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп 35-тәи амшыншьаҟауаа рыбригада, 1-тәи атанктәии 72-тәи амеханизациа зызуу абригадеи.
Иҭархоуп 85-ҩык аибашьцәа, танкк, х-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица "МСТА-Б", артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-20 , Д-30, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп агаубица "МСТА-Б", аминаршәгақәа хԥа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба.