АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз 12 нызқьҩык иреиҳауп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа (AFAD) адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 12 873-ҩык, аахақәа роуит 62 937-ҩык", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Шьамтәыла иҭахеит 3 000-ҩык.
Жәабран 6 рзы Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Иара иаҵанакит Шьамтәыла апровинциақәак, ирнырит Аԥсны, Ливан, Ирак, Израиль, Иран, Қырҭтәыла. Асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа афтершок. Уажәраанӡагьы адгьыл ҭынчымхацт.
Атәылақәа жәпакы рҟынтәи арыцҳара иҭагылоу арегионқәа рахь инеиуеит ацхырааҩцәа.