Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз 12 нызқьҩык иреиҳауп

© Sputnik / Сертач Каяр / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий землетрясения в Турции
Ликвидация последствий землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Анапаҵаҩра
Адгьылҵысра иаҵанакит иара убасгьы шьамтәылатәи апровинциақәа. Уа иҭахеит 3 000-ҩык.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз 12 нызқьҩык иреиҳауп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа (AFAD) адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 12 873-ҩык, аахақәа роуит 62 937-ҩык", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Шьамтәыла иҭахеит 3 000-ҩык.
6 февраля 2023 года, спасатели ищут жертв землетрясения силой 7,8 балла, которое произошло в Диярбакыре на юго-востоке Турции, сровняв с землей здания в нескольких городах и нанеся ущерб в соседней Сирии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2023
Аԥсны
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхыраара рыдыргалеит
Жәабран 6 рзы Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Иара иаҵанакит Шьамтәыла апровинциақәак, ирнырит Аԥсны, Ливан, Ирак, Израиль, Иран, Қырҭтәыла. Асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа афтершок. Уажәраанӡагьы адгьыл ҭынчымхацт.
Атәылақәа жәпакы рҟынтәи арыцҳара иҭагылоу арегионқәа рахь инеиуеит ацхырааҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0