Аҳәынҭдума аидарамҩангага транспорт аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраз азакәан аднакылеит

Заанаҵы аамҭеи арыцхәи ахьазԥхьагәаҭатәу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа реиқәыԥхьаӡа шьақәдырӷәӷәоит Урыстәыла аиҳабыра хәажәкырамзанӡа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә дума аҵыхәтәантәи аԥхьарала аидарамҩангага транспорт аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраз азакәан ариашарақәа аднакылеит. Абри атәы аҳәоит Аҳәынҭдума асаит.

Азакәан хықәкыс иамоуп аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рааигәара амҩадуқәа рҭарцәра, аидарамҩангагтә транспорт аныҟәара аҭышәныртәалара. Аҳәаа ахысразы заанаҵы иазԥхьагәаҭатәуп аамҭеи арыцхәи.

Заанаҵы аамҭеи арыцхәи ахьазԥхьагәаҭатәу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа реиқәыԥхьаӡа шьақәдырӷәӷәоит Урыстәыла аиҳабыра хәажәкырамзанӡа. Азакәан ахаҭа амчра аиуеит цәыббра 1 азы.
Иара убасгьы азакәан иаланагалоит автотранспорт иахьазыԥшуа аҭыԥқәа рҿы амҩатә дыргақәа, алашара, акәырша разырхиара. Иара убасгьы уа игылазароуп агәамсамеизгарҭақәа, ашьышьмаҭрақәа, адәқьанқәа, азеиԥш ԥсшьарҭақәа, акрыфарҭақәа.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа рџьашықәс наҟ-ааҟ азхаҵаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуп