Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа рџьашықәс наҟ-ааҟ азхаҵаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква во время режима повышенной готовности из-за коронавируса
Москва во время режима повышенной готовности из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны адокумент ииасыз ашықәс азы аратификациа азыруит.
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа рџьашықәс наҟ-ааҟ азхаҵаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуп.
Азакәан апроект авторцәа ишырҳәо ала аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи иртәылауаау, змаҵзуратә усура еилаӡарыла имҩаԥызго аҳазалхыҩцәа рџьашықәс наҟ-ааҟ азхаҵара шьақәнаргылоит, анаҩс аус ахьыруа атәылақәа рзакәанԥҵарақәа иазыԥхьагәарҭо рџьаус азы ашәарацҵақәа рымҩаԥгаразы.
"Адокумент Аԥсны аҳазалхратә еилакы ма Урыстәыла аҳазалхартә маҵзура рҟны аус зуаз аҳазалхыҩцәа рзы алшара маншәалақәа аԥнаҵоит. Абас ала акадырқәа ҭыԥк аҟынтә аҽа ҭыԥ ахь риасра аԥырҟәҟәаахоит, ҳколлегацәа , ҳҩызцәа рхы комфортла ирбаларц азы", - ҳәа иҳәеит ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
Ажәабжьқәа зегьы
0