Аԥсны

Аԥсны аԥхынраз аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзыҳәақәа ҳаракхеит

Ихаҩсыз аԥхынразы аԥсшьаразы аҭыԥқәа ахьырзымхаз иахҟьаны сынтәа урыстәылауаа заанаҵы аҿаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аԥсни алада Урыстәылеи рҟны аԥхынраз аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзыҳәақәа ҳаракхеит, абри Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа р- Ассоциациа ахада ихаҭыԥуаҩ, атуроператор "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин.
Аԥсны
2023 шықәсазтәи аԥхынразы Аԥсныҟа аԥсшьацәа 20% рыла еиҳаны иаар ҟалоит
Ромашкин иажәақәа рыла, абжьааԥны ажьырныҳәамзазы ауаа аԥхынтәи рыԥсшьара уамак иазхәыцӡом, Ашықәс ҿыц ашьҭахь аԥхынра хараӡазшәа рбоит, уи адагьы аныҳәазы рныхтәқәа рацәоуп. Аха сынтәа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит.
"Урыстәылауаа аԥхынтәи рыԥсшьараамҭа ахьырхырго азы аҭыԥқәа заа аҿаҵара иалагеит. Ажьырныҳәамзазы аԥхынраз аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа ҵыԥхтәи аамҭа иаҿырԥшны 60% ихалеит", - иҳәеит Ромашкин.
Ромашкин иазгәеиҭеит Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи зегь раасҭа еиҳа аҭаххара шамоу.
Ас еиԥш аҭирақәа мзыз ирымоуп зхаҭабзиара ҳараку аԥсшьарҭатә фонд азымхара ауп, уи азы урыстәылауаа Аԥсны иреиӷьӡоу аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа заанаҵы иҿарҵоит, иҳәеит Ромашкин.
Урыстәыла атуроператорцәа р- Ассоциациа ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәаҭарала, иҟоу азыҳәақәа рыла 2023 шықәсазы Аԥсны рыԥсы ршьар ҟалоит ҩ-миллионҩык рҟынӡа атуристцәа (2022 шықәсазы 1,1 милл ыҟан).
Аԥсны
Урыстәыла атуроператорцәа: 2023 шықәсазы Аԥсны ҩ-миллионҩык инареиҳаны атуристцәа аҭаауеит